Зыԥсы ҭоу зегьы Зегьзымчу Анцәа ишишаз ала, ԥсы зхоу зегьы еишьцәоуп, ԥсабарак, ҵабыргк, зинк змоу. Убри аҟынтә егьырҭ аишьцәа рзы иарбанзаалак уадаҩрак, ма шәарҭак анырзыҟалалак, даҽа иашьак иахь агәрыцҳашьара цәырҵуеит.
Зыԥсы ҭоу аӡәы даҽа ԥсы зхоу ашәарҭара иҭагылоуп, мамзаргьы дгәаҟуеит ҳәа анибо, ианидыруа, аиашьара иахҟьаны даҽа аиашьак изкны агәрыцҳашьара цәырҵуеит.
Аиашьара ауп агәшаҭара зыхҟьо.